Ажәабжьқәа

«Иреиӷьу ачысҟаҵаҩ 2015» аицлабраҿы аиааира агеит аҟысҟаҵарҭа «Абисквиттә шҭа»

14.04.2015

Абар ихыркәшоуп III аҳәынҭқарратә еицлабра «Иреиӷьу ачысҟараҩ 2015». Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада иҭабуп ҳәа раиҳоит аицлабра алахзәылацәеи ахәаҧшразы иаҭаази зегьы.

Сынтәа ачысҟаҵаратә ҟазара аицлабраҿы рхы аладырхәит Гагра, Гздоуҭа, Аҟәа ачысҟаҵаҩцәа.

Алахәылацәа зегьы ирыҭан дара риндивидуалтә номерқәа, аӡбаҩцәа рыӡбара адкылара ашьҭахь ауп урҭ аномерқәа зтәыз ачысҟаҵаҩцәа анеилкааха. Аӡбаҩцәа рхыҧхьаӡараҿ иҟан: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа, Аҧсны Акультура аминист Арсалиа Ельвира, Кәарачхьелиа Натальиа, атехнолог, ачысҟаҵаратә коллеџь арҵаҩы Нелли Чачаа.

Ачысҟаҵаратә усаҿы аҟазацәа еицлабуан хә-номинациак рыла: «Иреиӷьу Мрагыларатәи ачысхаа», «Иреиӷьу акәаҳа», «Иреиӷьу аторт» «Ахәаҧшцәа ргәаҧхара зауз».

«Иреиӷьу Амрагыларатәи ачысхаа» анминациаҿы аиааира игеит Еркан Хопшух, «Иреиӷьу ахаа» - Белла Лазба, «Иреиӷьу аторт – «Абисквиттә шҭа», «Иреиӷьу акәаҳа» - гриль-бар «Махито», ахәаҧшцәа ргәаҧхара рырҭеит ачысҟаҵарҭа «В шоколаде».