Ажәабжьқәа

Хәажәкырамза 7 инаркны хәажәкырамза 10 рҟынӡа Аҧсны имҩаҧысуеит афорум-цәыргақәҵа VIZIT APSNY - и ааҧынтәи афестиваль «Амимоза ашәҭреи»

16.02.2018

 Хәажәкырамза  7 инаркны хәажәкырамза 10 рҟынӡа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны, Аҟәа ақ. имҩаҧысуеит  актәи афорум-цәыргақәҵа VIZIT APSNY - и ааҧынтәи афестиваль «Амимоза ашәҭреи».

Ааҧхьара шәаҳҭоит афорум аҽалархәрази ацәыргақәҵа аҭаарази. Уи еизнагараны иҟоуп иналукааша Аҧсны асасдкылара иазку анаплакрақәа, иара убас атранспортә, аҧгаҧсатә, амаҵзуратә еилахәырақәа, атуроператорцәеи атурусбарҭақәеи, агәабзиарачаҧарҭа-курорттә ҟәша иаҭаху маҭәахәла иеибызҭо аҧҵаҩцәеи аиқәыршәаҩцәеи, егьырҭ атуристтә маҵзурақәа рзы аџьырмыкьа ахаҭарнакцәа.  

 Афорум-цәыргақәҵа VIZIT APSNY – ари атуризм аусхк аҟны аус зуа абизнес азы лшара бзиоуп: 
- ахырхарҭақәеи амаҵзурақәеи максималла лыҵшәа рыманы рцәыргаразы   
- аустә еимадарақәа рхыҧхьаӡара аизырҳареи аҭирақәа рымҽхак арҭбаареи рзы
- абренд еиҳа ирдыруа аҟалареи ахьӡ ашьақәырҕәҕәареи рзы адырра азырҳареи рзы 
- иуадаҩу абизнес азҵаарақәа рылацәажәаразы

«VIZIT APSNY» хықәкыс иамоуп:
- аусеицуратә еимадарақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи рзы аҭагылазаашьақәа раҧҵара; 
- абизнес еимадарақәа рыцҵара, аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа рыҵаҩра.

Шәара ишәылшоит атуристтә обиектқәа рҭаара, ижәбараны шәыҟоуп аекскурсиатә маршрутқәа, агьама жәбоит амилаҭтә чыс, иара убас Аҧсны жәлар рҵасқәеи ркультуреи  реилкааразы алшара шәоуеит.
Ацәыргақәҵа  аҽалархәразы аҽҭаҩра шәылшоит mimosafest.org аҟны.