Ажәабжьқәа

Китаи Пекин Аԥсны ахаҭарнакцәа аҭаара

29.07.2013

Китаитәи Жлар Рреспублинеи Аԥсны Аҳәынҭқарраеи иаҳа реимадара арӷәӷәаразы, Аԥсны аҳәынҭқарра ахадара ироуит аофициалтә ааԥхьара Пекин аҭаара иуль 13 инаркны 19 нӡа Жәларбжьаратәи Афырхацәа рфонд аделигациа иахәҭакны.

Аделегациа ахадара азиуан Жәларбжьаратәи Афырхацәа рфонд аиҳабыра ахантәаҩы Барис овчинников.  Аԥсуа делигациа далан Аԥсны аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩ Лышәба адгәыр Нурбеи-иԥа, Аԥсна аҳәынҭқарра абџьармчқәа рминистрра аминист ихаҭыԥуаҩ  Ԥлиа  Нодар.

Аделигациа  Китаи  аҭаара хықәкыс иаман  Аԥсны аҭоурыхи ажәлари рзы адырраҭара рзыҟаҵара китаи ауааԥсыра.

Иахьатәи амш азы имҩаԥгоуп имаҷымкәа аиԥыларақәа Китаи Аԥсни рнапалакыҩцәа рыбжьара, аимадарақәа рырӷәӷәареи реиҵыхреи хықәкыс иҟаҵаны.

Ари авизит аҵак ду амоуп акультуратәи аполитикатәи, аекономикатәи егьырҭ аизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәаразы.