Ажәабжьқәа

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак даҭоуп

23.07.2014

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак даҭан Виатческов Иван Владимирович. Иара Аҧсны Аҳәынҭқарра ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аинтересқәа ихьчалоит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы, иара убас ацхыррара ҟаиҵоит Аҧсны аекономика арҿиаразы. Иван Владимир-иҧа адгылара ҟаиҵоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Краснодартәи атәылаҿацәи рустә еилазаарақәа реимадара аиҵыхреи арӷәӷәаразы.