Ажәабжьқәа

Лаҵара 22 рзы АА ААП аусуаҩцәеи Гагра анапалакыҩцәеи реиҧылара мҩаҧган

22.05.2015

Лаҵара 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәеи Гагра араион анапалакыҩцәеи реиҧылара мҩаҧган. Аиҧылара иалахәын Администрациа Аиҳабы Беслан Барцыц, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба, АА ААП анапхгараҭарақәа реиҳабацәа.

Аиҧылара хықәкыс иаман анапалакыҩцәа рыбжьара аимадара абжьаҵареи, анапалакратә усура амҩаҧгараан ицәырҵуа апроблемақәп ралкаареи. Арҭ рҩызцәа аиҧыларақәа рымҩаҧгара апрактика уажә аҧхьагьы иҟан.

Иалацәажәан актуалра зҵаз араион аҿы анапалакратә усура амҩаҧгаразы азҵаарақәа, еиҳа аперспектива змоу аҟәшақәа рырҿиара, АА ААП аусуразы аинформациа, иҟанаҵо амаҵзурақәа. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусуреи амаҵурақәеи ррызкны ажәахәқәа рыманы иқәгылеит анапхгараҭарақәа реиҳабацәа.

Аиҧылара аофициалтә хәҭа ахыркәшара ашьҭахь , Ахәаахәҭра ааглыхратә палата акьыҧхьтә аалыҵ рызшана аиҧылара иалахәыз зегьы.