Ажәабжьқәа

Липецктәи атәылаҿацә аинвестициатә проектқәа рцәыргара далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата

17.12.2014

Ҧхынҷкәын 16, 2014 шықәсазы Урыстәыла  Афедирациа Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аҭааит ақ. Москва Урыстәыла Афедирациа Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аконгресс-центр аҿы имҩаҧысуаз Липецктәи атәылаҿацә аинвестициатә проектқәа  рцәыргара.

Ацәыргараҿы иалахәын: Липецктәи атәылаҿацә агубернатор Олег Королев напхгара зиҭоз аофициалтә делегациа, Урыстәыла Афедирациа Ахада иаҧшьгаҩ Сергеи Глазьев, азакәанҧҵаратәи азакәанҧҵаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аурыси аҳәаанырцәи аинвесторцәа, апресса ахаҭарнакцәа.

Ари аусмҩаҧгатәы аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡ ала иалахәын ААП Ахада Гагәылиа Геннади, Атуризм анапхгараҭара аиҳабы Даурҧҳа Инара, адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рнапхгараҭара азанааҭдырҩы Адлеиба Лорена.

Аусмҩаҧгатәы ахыркәшараан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи Липецктәи атәылаҿацәа Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи  рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра  рнапы аҵарҩит.

Аганқәа, ркомпетенциа иахьаҵанакуанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарееи Липецктәи атәылаҿацәи аиҿкаарақәеи анапалакыҩцәеи рыбжьарааимадарақәа рырҿиара, иара убас аекономикатә еимадарақәа рырҿиаразы аицхырааразы еиқәшаҳаҭхеит.