Ажәабжьқәа

Марттәи ажәылара 22 шықәса ахыҵит

16.03.2015

22 шықәса раҧхьа, Аҧсны аҳҭнықалақь-Аҟәа ахақәиҭтәразы 1993 шықәса, март 15 16 руха Гәымысҭатәи афронт аҿы Аҧсны аҳәынҭқарра Абџьармчқәа масштабла иҭбааз ажәылара рнапы аыркит.

Марттәи ажәыла зегь реиҳа ишьаарҵәыраз жәылараны иаанхоит Аҧсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы. Аха аибашьцәа ргәаанагарала иароуп аиааира агараҿы амч рызҭаз.Хымыш ицоз ажәылара аҧсыҭбара рацәа аанагеит Абџьарымчқәа рхықәкы рзынамыгӡакәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.

Еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәа рыла Марттәи ажәыларазы иҭахеит 200-400-ҩыки, хабарда ибжьаӡит 32-ҩык.