Ажәабжьқәа

Нхыҵ Кавкази Аахыҵ Федиралтә округи Рхәаахәҭра-Ааглыхратә Палатақәа Рассоциациақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра ААП Аурыс-Аҧсуа аус аҵыхәала рхеилаки аилатәара.

03.12.2012

Абҵара 15, 2012 Аҧсны Аҳәынҭқарра ақалақь Аҟәа Аҧсуа-Аурыс аус аҵыхәалатәи IV афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Нхыҵ Кавкази Аахыҵ Федиралтә округи Рхәаахәҭра-Ааглыхратә Палатақәа Рассоциациақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра ААП  Аурыс-Аҧсуа аус аҵыхәала рхеилаки рыцеилатәара.

Ари аусмҩаҧгатә рхы алаадырхәит:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза - министр ихаҭыҧуаҩ Страничкин А.В., Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәыла Афедирациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Аикин И.В., Адәныҟаатәи аимадарақәа рдепартамент адиректори Урыстәыла Афедирациа Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатақәа рус аҵыхәалатәи рхеилакқәеи Падалко В.Н., Аурыс- Аҧсуа аус аҵыхәалатәи ахеилак ахаҭарнакцәеи уи ахантәаҩи Сергеев А.Н., Нхыҵ Кавказтәи Афедиралтә Окрун Ассоциациа Ахантәаҩы Туганов В.Х., иара убас иара Нхыҵ-Уаҧстәыла-Аланиа Ахәаахәҭра – Ааглыхратә Палата дахадоуп, Аахыҵ Федиралтә Округ Ассоциациа ахантәаҩы Присиажниук Н.И., иара убас иара Ростовтәи аобласт Ахәаахәҭра- Ааглыхратә Палата дахадоуп, иара убас Нхыҵ Кавказтәи Афедиралтә Округ ААП Аахытә федиралтә Округ ААП Рхәаахәҭра – Ааглыхратә Палатақәа Рассоциациа алахәылацәа рхаҭарнакцәа.

Ихадоу амш азҵаарақәаны иқәгылан:

Аҧсны Аҳәынҭқарреи НКАО АФО рус аҵыхәалатәи агәыҧқәа  рхәаахәҭра – економикатә еимадара арҿиара.

ВТО аҭагылазаашьаҿы ашьцыларатә етап аҿы ананалакратә еиҿкаарақәа русура, иҿыцу аџьармыкьа алшарақәа.

Аурыс- аҧсуа хәаахәҭраҿы анапалакыҩцәа рзинқәа рзы азҵвврвқәа рҿы аимадара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада иҟаз зегьы аҧсшәа реиҳәеит, иара иқәгылараан иажәахә азкын Аҧсны Аҳәынҭқарреи НКАО АФО рус аҵыхәалатәи агәыҧқәа  рхәаахәҭра – економикатә еимадара арҿиара

Гагулиа Г.Л. иқәгылараҿы иазгәеиҭеит ари аусмҩаҧгатә Аҧсны Аҳәынҭқарра анапалакыҩцәархеилакқәеи, Нхыҵ Кавказтәи Аахыҵтәи Афедиралтә Округқәа рзи  аҵак ду шамоу, избан акәзар НКФО АФО ААП Ассоциациа аилатәарацыҧхьаӡа иаанартуеит алшара ҿыцқәеи иҿыцу азҿлымҳарақәа реидкьыслара.

Аилатәара аамҭазы иалацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Нхыҵ Кавкази Аахыҵтә Федиралтә округқәеи рыбжьара атауар ныҟәара азҵаара. Гагулиа Г.Л. иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра атарур ныҟәараҿы ихадоу аҭыҧ шаанакыло Урыстәыла Аҳәынҭқарра, уи аҟынтә 60% иаҵанакуеит НКФО АФО, иара убас иалацәажәан урҭ ирхыҧхьаӡалоу анаплакқәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициатә проектқәа ирызкыз азҵаарақәа ирылацәажәан.

«Аҧсны Аҳәынҭқарра атуризм, ақыҭа нхамҩа, афатә ааглых, биотехнологиақәа, аргылара, амҿы аус адулара, афинанстә маҵзурақәа рханахь ала иаартуп аусеицуразы.

Иҟоу афакторқәа зегьы иаадырҧшуеит ҳара  Ҳреспублика ишамоу иҳараку аинвестициатә индекс.

Аҧсны Аҳәынҭқарра иамоуп иҭышәантәалоу, ишәарҭадоу иманшәалоу аҧсҭазааразы аҭагылазаашьақәа зегьы, иазгәеит Гагулиа Г.Л.

Анаҩс актәи азҵаарала ажәахәқәа рыманы иқәгылеит: НКАО ААП Ассоциациа Ахантәаҩы Туганов К.Х, АФО ААП Ассоциациа Ахантәаҩы Присиажниук Н.В. Урҭ иалацәажәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициа алагалара аус аҿы аҭагылазаашьа аицаҧҵара, лымкаала уи аганахь ала аҿиара зҭаху. Нхыҵ қавказтзи Аахыҵтә Федиралтә Округи Аҧсны Аҳәынҭқарреи, Аурыс-Аҧсуа аус аҵыхәалатәи ахеилак аҧҵареи иалнаршоит арҭ аҩҳәынҭқаррак рус еицура ахырхарҭа иаша алхраҿы.

Аурыс – Аҧсуа аус аҵыхәалатәи ахеилак азҵаарақәа рыла дықәгылеит Аурыс – Аҧсуа аус аҵыхәалатәи ахеилак ахантәаҩы Серггеев А.Н., иара иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, еиҿкаауп аусдырыҩцәа ргәыԥ ари аилатәараҿы иқәыргылаз азҵаарақәа ирызкны, «Асовет иазҧхьагәанаҭоит адырраҭаратә аилыркаа аҭыжьра, асаит, активла активла аусзуло, Урыстәыла Афедирациа арегионқәа зегьы рҿы адырраҭара анеиразы».

Аилатәараҿы иҟаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза министр изаҭыҧуаҩ А.В. Страничкин иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыитәыла Афедирациеи рыбжьара аекономикатә усеицура аҳәынҭқаррақәа рыбжьаратә еиқәышаҳаҭрала ишьақәырӷәӷәоуп. Иара убас , аҧыза-министр Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ҭабуп ҳәа реиҳәеит, 10 шықәса рыҩныҵҟа адәныҟа аеконимикатә усеицура аус ашьақәыргылара аҿы аџьабаақәа иабоу азы, Урыстәыла Афедирациа ААП егьырҭ аҳәаанҭыҵтәи аҳәынҭқаррақәа рААП рҿы аимадара абжьаҵара рҿи.

Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәыла Афедирациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Аикин И.В иаҵеишьит, иахьа аекспорттә кредитқәа агентра аус еиужьны аусура иалагеит, иахьатәи амш азы ихьаԥшым Аҧсны Аҳәынҭқарра мацара ау пари акомпаниа аус аҵыхәала аиқәышаҳаҭра зыбжьанаҵаз ажәытә совет еиужьраҿы.

Жәларбжьаратәи аус аҵыхәалатәи ацентр «Урыстәылеи ВТО» адиректор ихаҭарнак Воробьев М.А. дықәгылеит ажәахә иманы «ВТО аҭагылазаашьаҿы ашьцыларатә етап аҿы ананалакратә еиҿкаарақәа русура, иҿыцу аџьармыкьа алшарақәа» атема ала.

Иара аҿы иара иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иахьатәи амш азы имҩаҧгоу аекономикатә политика иманшәалоу аинвестициатә климат аиҿкаареи ирыдкылоу шьаҭара зуа азакәанԥҵаратә актқәеи ирхырхарҭоуп. «Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедирациеи алкаареи аинвестициақәа рыхьчареи рзы аиқәышаҳаҭра», Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан «Аҧсны Аҳәвнҭқарраҿ атәымтәылатә инвестициақәа рзы»

Аилатәара хыркәшо алахәцәа зегьы агәыӷра аадырҧшит Аԥсны Аҳәынҭқарре аус аҵыхәалаз аусеицура алҵшәа бзиа азы.