Ажәабжьқәа

Нхыҵ-Кавказтәи Афедиралтә округ Рхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рассоциациа аилатәара

15.12.2014

Ҧхынҷкәын 12 Ставропольтәи Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала, ақ. Ставрополь Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аҽаланархәит Нхыҵ-Кавказтәи Афедиралтә округ Рхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рассоциациа аилатәара.

Аилатәараҿы иалахәын: Урыстәыла Афедирациа Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Сергеи Катырин, Ставропольтәи атәылаҿацә, Аҩадатәи Уаҧстәыла Ареспублика, Ҟарачы-Черкесск Ареспублика, Чечниатәи Ареспублика, Дагестан Ареспублика, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ингушетиа Ареспубликақәа Рхәҳаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡала аилатәара иалахәын Ахада Гагәылиа Г.Л. азанааҭдырҩа Адлеиҧҳа Лорена.

Аилатәара ааиртит Урыстәыла Афедирациа Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Сергеи Катырин. НКАО Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадацәа ажәахәқәа рыманы иқәгылеит.

Аилатәара алахәылацәа рыла иазгәаҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ароль Аҧсны Аҳәынҭқарреи Нхыҵ Кавкази рхәҳаахәҭра-економикатә еимадарақәа рҿы.