Ажәабжьқәа

Санкт-Питербургтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахҧатәи аизара

26.03.2015

Хәажәкыра 25, Санкт-Питербургтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Катенев Владимир Иванович иааҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа аустә визитла иаҭааит Санкт-Питербург.

Апрограмма иалан:

Петербургтәи атехникатәи аусеицуратәи аџьармыкьа аартра алахәра;

Аишәа гьежь Аекспорт аҽалархәра;

Санкт-Петербургтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахҧатәи аизара аҽалархәра;

Санкт-Петербургтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата IIIаизара рҽаладырхәит: Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыҧуаҩ, иреиҳаӡоу анаплакқәа 160 реиҳабацәа, СПБ ааглыхыҩцәеи анапалакыҩцәеи реидгыла ахадара уҳәа убас егь.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡала ари аусмҩаҧгатә далахәын Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр Нурбеи-иҧа.

Санкт-Петербургтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Катенев Владимир аделегатцәа рҿаҧхьа СПБ ААП аусура аҳасабркра дырзаҧхьеит.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәа иҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахаа актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр

Бзиала шәаабеит ҳәа аусмҩаҧгатә асасцәа аҧсшәа раҳәо, Адгәыр Лышәба иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеит Санкт-Петербургтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи реимадара аҵакы даара ишыҳараку.

Иара убас Адгәыр Лышәба СПБ ААП Ахада Катенев Владимир агәаларшәагатә ҳамҭақәа ииҭеит.