Ажәабжьқәа

Шотландиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Риҵа Анқәабҧҳаи Шотландиа ақалақь Килмарнок ахадеи реиҧылара мҩаҧысит

16.04.2014

Шотландиатәи ақалақь Килмарнок (ари ақалақьи Аҧсны аҳҭнықадақь Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп) имҩаҧган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Риҵа Анқәабҧҳаи Килмарнок амер, Еирширсктәи араион ахадара ахада Џьим Тодди реиҧылара.

Аиҧылара аиҩызаратә ҟазшьа аман, сер Џьим Тодди Аҧсны даналацәажәоз иажәақәа аҧхарра рыҵан, иара ибзианы адыррақәа имоуп Аҧсны аполитикатә ҭагылазаашьазы, иара убас иара иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа инапы злаку ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рыцура дшазыхиоу.

Сер Тодд агәра лиргеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа аусеицуреи аиҩызара цқьази дшазыхиоу, иара убас иазгәеиҭеит агәҭакы шимоу Аҧсны дааны «ихақәиҭу амҩа» имотоцикл ала данысзазы.

Иазгәаҭатәуп, 1992-1993 шш. ишьаарҵәыраз аҧсуа жлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, аҧсуа еибашьцәа иҭахаз рыхьӡала Аҟәа аиашьаратә қалақь аҿы абаҳча аҧҵан иара уаҟа абаҟа ргылан.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аҿы иахьагьы иҟоуп Шотландтәи амҩа, уи иаанагоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Шотландиеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иҟаз арҿиареи ауеицуреи рхырхарҭала аусура ишазыхиоу.