Ажәабжьқәа

СИРИАНТӘИ АЖУРНАЛИСТ АҦСНЫ АӠБАХӘ ЕИҬАИҲӘОИТ

31.05.2018

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакаауа апресс-турқәа рзы аҧҟарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, насгьы ААП хаҭала иҟанаҵаз ааҧхьарала, Аҧсныҟа ҩы-мыш ҳәа дааит Сириа-Араҧтәи Ареспублика аҳҭнықалақь Дамаск иҟоу ателеканал «Sama TV» арепортиор Муҳаммед Ферас аль Мардини.

Уи иаара ахықәкы – Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи, аҧыза-министр Геннади Гагәлиеи рыҿцәажәара, иара убас Шьамтәыла Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵаз иазкны арепортаж аиқәыршәара.

2014 шықәса инаркны Мардини далахәуп Жененва иҟоу Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара аҟны Акорреспондентцәа рассоциациа, 2013 шықәса инаркны Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы акорреспондент иаҳасабала аккредитациа имоуп, 2017 шықәса инаркны Швеицариа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акорреспондентс аус иуеит. Изныкымкәа жәларбжьаратәи аконференциақәа ихы рылаирхәхьеит, урҭ рҟынтә зегь реиҳа аҵакы змоу рахь иаҵанакуеит сириатәи акризис аҭышәныртәалара иазкыз, аа-раундк змаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа.

Иазгәаҭатәуп, Мардини уажәаҧхьагьы Аҧсны дшаҭаахьаз, аҳаҭыр зқәу Сириатәи аделегациа дахәҭакны, 2017 шықәсазы, цәыббрамза анҵәамҭазы.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны агәра ргоит Муҳаммед Ферас аль Мардини Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа ахьааирҧшуа Аҧсныи Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи аус иацхраауеит ҳәа.

***

2018 шықәса, лаҵарамза 29 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Сириа-Араҧтәи Ареспубликеи рыбжьара азхаҵареи, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи ртәы рыларҳәеит аҩ-тәылак рыцҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҟны. Ари аполитикатә шьаҿа иаанарҧшуеит атәылақәа реиҳабырақәа аизааигәахареи ахырхарҭақәа зегь рыла иҟоу аизыҟазаашьақәа реизырҳареи шырҭаху.