Ажәабжьқәа

Ставропольтәи атәылаҿацә аҟнытә анаплакцәа абизнес-миссиа рыманы Аҧсны иаҭааит

29.09.2017

Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 27-30 рыбжьара икоммерциатәым аилахәыра «Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны анаплакцәа рыцхырааразы афонд» иҟанаҵаз адҵала Амаркетингтә инициативақәа рцентр иеиҿнакааит абизнес азҵаарақәа рҵыхәала Ставропольтәи анаплакцәа гәыҧҩык Аҧсны раҭаара. Абизнес-миссиа алахәцәа интересс ирыман Аҧснытәи анаплакцәеи дареи аусеицура рыбжьаҵара.

Аделегациа рыдкылареи урҭ ара рымҩаҧгареи ахахьы иагеит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Адкылара апрограммаҿы иҟан Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара рҧылара, Аҧсны аус зцыруша апартиорцәа рыҧшаара, ҧхьаҟатәи аусецура рыбжьалар ахьалшо анаплакқәа рнапхгаҩцәеи дареи реиҧыларақәа реиҿкаара, Аҧсны абизнес амҩаҧгара иазку азҵаарақәа рыла апрезентациа арбара.

Ставропольтәи аделегациа еиҳабыс даман Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аиҿкаара «Амаркетингтә инициативақәа рцентр» адиректор хада Викториа Островскаиа. Аделегациа иалахәын асасааирҭақәеи, акафеқәеи, ақьафурҭақәеи профессионалла реибыҭара знапы алаку аилахәырақәа рнапхгаҩцәа, иара убас анхарҭа ҩнқәеи аусуратә хыбрақәеи рыргылара знапы алаку анапхгаҩцәеи, афатә-ажәтә аҭиреи анага-аагареи рзы аспециалистцәеи.