Турин имҩаҧысуеит Адунеизегьтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рконгресс
Абырҭ амшқәа рзы Турин (Итаоиа) имҩаҧысуа а-9-тәи Адунеизегьтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рконгресс иалахәуп ААП Ахада Гагәылиа Геннади хадара ззиуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа.
Аконгресс ҩ-шықәса рахь знык имҩаҧысуеит. Аконгресс аусура иалахәуп Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадацәеи алахәылацәеи, абизнес-еилазаара, анаплакқәеи аидгылақәеи рхадацәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аимпортҟаҵаҩцәа, аекспортҟаҵаҩцәа, афинанстә институтқәа.
Адунеизегьтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рфедирациа ааҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҩынтәуп ари аконгресс аусура аҽаланархәуеижьҭеи.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ари аконгресс аҽалархәрала иаанартуеит егьырҭ атәылақәа рхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадацәа реимадара амҩа, иазаҧнаҵоит иҿыцу аусеицаразы аҭагылазаашьақәа, Аҧсны аекономикатәи аинвестициатәи лшарақәа рӡыргаразы аҭагылазаашьа ҿыцқәа.
Раҧхьатәи амш азы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҳәаанырцәтәи аколлегацәеи реиҧыларақәа мҩаҧган, иара убас имҩаҧган Адунеизегьтәи Ахәаахәҭратә палатақәа Рфедирациа анапхгара рҧылара.
Агонгресс аусура иацҵоуп.