Ажәабжьқәа

Владимиртәи атәылаҿацә анапалакыҩцәа Аҧсны абизнес ахаҭарнакцәа аус рыцура иазыхиоуп

04.06.2015

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Владимиртәи атәылаҿацәи русеицуразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны рашәара 4 рзы асасааирҭа «Артум-Викториаҿы» имҩаҧысит Владимиртәи атәылаҿацә аделегацие ап руа напалакыҩцәеи реиҧылара, аиҧылара еиҿнакааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата.

«Ҳара ҳусқәа зегьы зыдҳәалоу Урыстәылеи иара арегионқәеи роуп, Ари раҧхьаӡа акәны иҟам Урыстәыла арегионқәа Аҧсны аделегациа анадаауа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ари аус аҿы аихьӡарақәа маҷӡам»,- азгәеиҭеит АА ААП Ахада ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр.

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭратә хаҭарнак Иурии Аикин иазгәеиҭеит арҭ рҩызцәа аиҧыларақәа аҵак ду шрымоу. Иара ҭабуп ҳәан реиҳәеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадара ари аҩыза аусмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы, иара убас иара иазгәеиҭеит Урыстәыла Афедирациа атәылаҿацәқәеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи ишрыбжьоу аекономикеи ақыҭанхамҩеи рзы аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа.

Владимиртәи атәылаҿацә Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Аиҿкааратә ҟәша аиҳабы Олег Зараиски иара итәылаҿацә иацтәи аҭоурых дазааҭгылеит. Иара иаҵеишьит рылалақь Владимир 800 шықәса шахыҵуа, иара аҭоурых аҭагьы и ҿиоу ааглыхрала ахьӡ ҳаракны ишыршьо. Ара иҟоуп атракторқәа рзауад, ахимиатә ааглызра уҳәа убас егьырҭгьы. Владимиртәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата 1379 лахәылацәа алоуп. «Аҧсныҟа иааит лҵшәабзиала аус зуа ҳара ҳнапалакыҩцәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп анаплакқәеи азауадқәеи рхадацәа.  Ҳара  ҳвизит хықәкы хадас иамоуп – Аҧсни Владимири рнапалакыҩцәа рустә еимадарақәа рырҿиара, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа реизырҳара, аҧсуа напалакыҩцәеи, аиҿкаарақәеи афирмақәеи русураҿы ацхыраара рзыҟаҵара,» - иаҵеишьит Олег Зараиски. Иара иганахь ала ҭабуп ҳәан раиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ари аусмҩаҧгатә аиҿкааразы.