Ажәабжьқәа

Воронежтәи аоблость ААП аутә визитла иаҭааит Аҧсны

10.09.2013

Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧган Шьипелев Николо́аи Семен-иҧа хадара ззиуаз Воронежтәи аоблость ААП аделегациа адкылара. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәажҽәан Апалатақәа наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу амҩақәа рыҧшаара азҵаатәы. Аиҧылара ахыркәшараан аусеицураз Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ари Аиқәышаҳаҭра зда ҧсыхәа ыҟамыз маругоуи аусеицуратә еизыҟазаашьақәа Апалатақәеи анапалакыҩцәеи – Апалатақәа рлахәылақәа реимадараҿы. Гагәылиа Геннади иазгәеиҭеит, ари аиқәышаҳаҭра аусеицуреи анапалакра арҿиареи наҟ ааҟ еицырзыфеиданы, иара убас иара иалнаршоит аихьӡарақәеи ананалакра арҿиареи рҿы ирымоу адыррақәа реимдара.