-
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада
МЕРЦХӘЛАА Тамила Валери-иҧхаДаниыз арыцхә: абҵарамза 12, 1983 ш.Дахьиыз аҭыҧ: ақ.Тҟәарчал, Аҧснытәи АССРАҵара: 2006 ш. даараӡа ибзианы далгеит Урыстәылатәи Ажәларқәа Реиҩызара Ауниверситет афилологиа ахырхарҭала – ареферент-аиҭагаҩ.Аусурҭа ҭыҧқәа:
09.2006 г. – 05.2011 г. – Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны англыз бызшәа арҵаҩы.05.2011 г. – 05.2012 г. – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша I акатегориа аспециалист.05.2012 г. – 08.2012 г. – Аҧсны ААП Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аспециалист хада.08.2012 г. – 06.2016 г. –Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ.07.2016 г. – 02.2017 г. – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада иабжьагаҩ.02.2017 г. – 04.2018 г. – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ.04.2018 г. – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада. -
Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ
ГАГӘЫЛИА Асҭамыр Геннади-иҧаДиит 1974 шықәса, рашәара 23 рзы, Гәдоуҭа ақалақь (Аҧснытәи АССР).1980-1991 шықәсқәа рзы – аҵара иҵон Гәдоуҭатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны. 1991 шықәсазы дҭалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет.Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шықәсқәа) далахәын, иоуит ахәра.1995 шықәсазы далгоит Москва иҟоу Т.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аекономикатә академиа, аекономикеи асоциалтә уснагӡареи рфакультет.1997-1998 шықәсқәа рзы – ЗҲәА "Корона Леона" (ақ. Москва) арегионалтә менеџьер.1998-1999 шықәсқәа рзы – ИАЕ "Наст Интернейшнл" (ақ. Москва) адиректор хада.1999-2002 шықәсқәа рзы – ЗҲәА "Корона Леона" (ақ. Москва) адиректор хада ихаҭыҧуаҩ.2004-2005 шықәсқәа рзы – ЗҲәА "Софтмаркет" (ақ. Москва) адиректор хада.2005 шықәса, абҵарамза инаркны – ЗҲәА "Премиум" адиректор хада.2018 шықәса, абҵарамзазы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵоуп.Дҭаацәароуп, хҩык ахәыҷқәа драбуп.
-
Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада иабжьагаҩ
ЦЫГӘБА Виачеслав Михаил-иҧаДаниыз арыцхә: ажьырныҳәамза 1, 1944 ш.Дахьиыз аҭыҧ: ақыҭа Аацы, Гәдауҭа араион, Аҧснытәи АССРАмилаҭ: аҧсуаАҵара: иреҳау. 1970 шықәсазы иҵара хирқәшоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны.Иҵарала изанааҭ, аҭҵаарадырратә ҩаӡара, ахьӡ: абжьаратә школ аҟны аҧсуа бызшәеи, алитературеи, англыз бызшәеи рырҵаҩы. 1978 шықәсазы иҵара хирқәшеит ЦК КПСС иатәу Ауаажәларратә ҭҵаарақәа ракадемиа Аспирантура аҟны.Аусурҭа ҭыҧқәа:1961– 1961 шш. – Гәдоуҭатәи ПАКзауад аусзуҩ.1963 – 1966 шш. – Асовет Ар амаҵура ахысра.08.1970 – 11.1973 шш. – Акомсомол Аҟәатәи обком II-тәи амаӡаныҟәгаҩ.11.1973 – 05.1975 шш. – Акомсомол Аҧснытәи аобком Актәи амаӡаныҟәгаҩ.05.1975 – 09.1978 шш. – Апартиа Очамчыратәи араиком Актәи амаӡаныҟәгаҩ.05.1978 – 08.1989 шш. – Аҧснытәи АССР Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ, Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан.09.1989 – 1994 шш. – азанааҭеидгылатә усура инапы алакын: ихьыҧшым Аҧсны азанааҭеидгылақәа рмаӡаныҟәгаҩ, анаҩс – Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, анаҩс – Ахантәаҩы имаҵурақәа назыгӡо.1990 – 2001 шш. – Аҧсны Алхратә комиссиа Ахантәаҩы.1994 – 1998 шш. – Атәыла аиҳабыраҿы аусура: Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгарҭа аиҳабы, Аҧсны Аминистрцәа реилазаара Аппарат аиҳабы, Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, Аиҳабыра Аппарат ахада.12.1999 – 06.2001 шш. – Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр.07.2001 – 2007 шш. – аминистр иранг аҟны, Аҧсны иахьаҵанакуа, Ассоциациа «Аҩада Кавказ» адирекциа азинмчы змоу ахаҭарнак.2002 – 2007 шш. – Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат.2007 – 2012 шш. – Апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ.2012 – 2016 шш. – Аҧсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ.04.2017 ш. инаркны иахьанӡа – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада иабжьагаҩ.Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа: Аџьа аорден, «Аҳаҭыртә дырга» аорден, II-тәи аҩаӡара змоу «Ахьӡ-Аҧша» аорден.Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.