Анапхгара

Ахарадарахь иалырхуа алахәылацәа рхыҧхьаӡара шьақәнаргылоит Азеиҧш Еизара. Ахадара иалахәуп Апалата Ахадеи Ахада ихаҭыҧуаҩи.

АА ААП Ахадара хадара азиуеит Ахадара ахантәаҩы, иара инапынҵақәа рыла Апалата деиҳабуп.

АА ААП Ахадара:

  • АА ААП Ахадеи Ахада ихаҭыҧуаҩи алнахуеит;
  • Аҧҟаҧҵәатә ҳасабтәқәа рыӡбаразы аусура ихадоу ахырхарҭақәеи аформақәеи алнахуеит;
  • Апалата алахәылацәа рыдкылареи рлахәылара аанкылареи аиҿкаара, иаднакылоит аӡбара Апалата алахәылацәа рыдкылареи алахәылара аҟынтә аныхреи рзы;
  • Алагаларатәи алахәыларатә лагалақәа ршәагааи рахшәаареи аиҿкаара;
  • Апалата иамадоу анапалакратә усбарҭақәа реимадара ахырхарҭа алкаара;
  • Апалата алахәылацәа изаамҭанытәиу изаамҭанытәиим Рзеиҧш Еизарақәа еиҿнакаауеит;
  • Ахара, агәаҭаратә комиссиа, апалата алахәылацәа иаларгало азҵаарақәа рыла аӡбара аднакылоит;

Ахадара аилатәара мҩаҧигоит Ахадара ахантәаҩы хымз рахь знык еиҵамкәа. Изаамҭанытәиим Ахадара аилатәара мҩаҧгазар ҟалоит агәаҭаратә комиссиа, ма Апалата Ахадара 1/3 алахәылацәа раҳәарала.

Ахадара аӡбарала иара алахәылацәа, мзызда Ахадара аусураҿы зҽалазмырхәуа, ралхраан дара хаҭарнакра ззыруаз аиҿкаареи дареи реимадара аӡра, ма Апалата аусура апринципқәа ирықәымшәо аусура мҩаҧызго Ахадара аусура аҟынтә дамхзар ҟалоит.

  1. Мерцхәлаа Тамила Валери-иҧха
  2. Лышәба Адгәыр Нурбеи-иҧа
  3. Акаба Иури Григори-иҧа
  4. Гагәылиа Астамур Генади-иҧа
  5. Чалмаз Михаил Рамзан-иҧа
  6. Кварчиа Абесалом Алықьса-иҧа
  7. Черкезиа Вадим Владимир-иҧа
  8. Заркуа Ирина Ражден-иҧ​ха
  9. Харчилаа Вахтанг Гьаргь-иҧа
  10. Допуа Ада Сандро-иҧха
  11. Аџьба Маиа Кәыҷа-иҧҳа
  12. Габуниа Иа Борис-иҧҳа